Ентони Блинкен - Қырҭтәылеи Украинеи Нато ралалара рҭаххар, аҭаххарақәа ирышьашәалоуп ҳәа иаабар, ари азҵаара аӡбара ааигәахоит
Ентони Блинкен - Қырҭтәылеи Украинеи Нато ралалара рҭаххар, аҭаххарақәа ирышьашәалоуп ҳәа иаабар, ари азҵаара аӡбара ааигәахоит

Қырҭтәылеи Украинеи Нато ралалара рҭаххар, аҭаххарақәа ирышьашәалоуп ҳәа иаабар, ари азҵаара аӡбара ааигәахоит , – иҳәеит ЕАШ аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ Ентони Блинкен NBC аинтервиу аҿы.

Америка аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ  иажәақәа рыла, Аҩадаатлантикатәи ахеилак 2008 шықәсазы шьақәнарӷәӷәеит Қырҭтәылеи Украинеи рзы алианс ашәқәа шаарту.

“Аҩадаатлантикатәи ахеилак 2008 шықәсазы шьақәнарӷәӷәеит Қырҭтәылеи Украинеи рзы алианс ашәқәа шаарту.  Қырҭтәылеи Украинеи Нато ралалара рҭаххар, аҭаххарақәа ирышьашәалоуп ҳәа иаабар, ари азҵаара аӡбара ааигәахоит. Нато аԥҵеижьҭеи ибзиаӡаны аанарԥшит, Нато ралалара зҭаху, аҭаххарақәа ирышьашәалоу Европатәи атәылақәа рзы алианс ашәқәа шаартхо,” – иҳәеит Блинкен.

Иара убас, ЕАШ аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ иазгәеиҭеит Урыстәылаҟны еизыҟазаашьақәа рҿы зҵаара хаданы иқәгылоуп жәларбжьаратәи аҵасқәа рызҵаара, урҭ рыла, иарбанзаалак атәыла амч ахархәарала даҽа тәылак аҳәаақәа аԥсахреи  адәныҟатә политика алхра иазкны адҵа аҟаҵареи зин амаӡам.