Ентони Блинкен Қырҭтәыла Ахьыҧшымра амш адиныҳәалоит  -  Сара даҽазнык ишьақәсырҕәҕәоит Америка Қырҭтәыла евроинтеграциа ишадгыло
Ентони Блинкен Қырҭтәыла Ахьыҧшымра амш адиныҳәалоит  -  Сара даҽазнык ишьақәсырҕәҕәоит Америка Қырҭтәыла евроинтеграциа ишадгыло

Аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ Ентони Блинкен,  Америка ахьӡала, Қырҭтәыла Ахьыҧшымра амш адиныҳәалеит.

«Ақырҭуа жәлар ахьыҧшымреи ахақәиҭреи зыҧсоу рдыруеит. Қырҭтәыла аҵакырадгьыл  20 наӡына Урыстәыла ала импыҵахалоуп, аха, уезгьы, ақырҭуа жәлар лабҿаба аадырҧшит евроатлантикатә аҧеиҧш ишазгәыку.   Ҳара Қырҭтәыла иаҿагылоу  урыстәылатәи агрессиа ҳақәыӡбоит, Қырҭтәыла ахьыҧшымреи жәларбжьаратәи азхаҵара змоу аҳәаақәа ирҭагӡаны аҵакырадгьылтә акзаареи ҳадгылоит.

Ақырҭуаа рзы зҵакы дуу абри амш азы даҽазнык ишьақәсырҕәҕәар сҭахуп Америка Қырҭтәылаҟны апартниорреи атәыла евроатлантикатә интеграциеи ишадгыло», — иануп Ентони Блинкен иҳәамҭаҿы.