Ентони Блинкен – Иарбан ҳәынҭқарразаалак, даҽа ҳәынҭқаррак  аконкреттә политика амҩаҧгара ма адгылаҩцәа ралхра изаднацалом, иарбан ҳәынҭқарразаалак мчыла ахатә анырра аларҵәара залшом, абри зегьы аҵыхәа ҧҵәатәуп

Америка аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ Ентони Блинкен ишааицҳаз ала, даргьы Урыстәылазы ажәалагалақәа рымоуп, Москва урҭ рзы аҭакҟаҵара рықәшәоит.

Блинкен иҳәамҭала, Урыстәылаҟны аиҿцәажәарақәа иалагар ҟалап 2022 шықәса алагамҭазы. Иара иажәақәа рыла, ашәарҭадара агарантиақәа иазкны Урыстәыла иҟарҵаз ажәалагалақәак ирықәшаҳаҭуп, адиалог амҩагара ззыҟало зҵарақәакгьы иҟоуп.

«Урыстәыла иҟарҵаз ажәалагалақәак ҳазрықәшаҳаҭхом. Аха адиалог амҩаҧгара ззыҟало зҵаарақәак иҟоуп. Ҳаргьы ҳажәалагалақәа цәыраагоит, Урыстәыла урҭ рзы аҭакҟаҵара рықәшәоит. Иарбан ҳәынҭқарразаалак, даҽа ҳәынҭқаррак  аконкреттә политика амҩаҧгара ма адгылаҩцәа ралхра изаднацалом, иарбан ҳәынҭқарразаалак мчыла ахатә анырра аларҵәара залшом, абри зегьы аҵыхәа ҧҵәатәуп», — иҳәеит Блинкен.