Екатерина Тикараӡе Израильтәи аспециалистцәа драцәажәеит акоронавирус ахәышәтәратә препарат иазкны
Екатерина Тикараӡе Израильтәи аспециалистцәа драцәажәеит акоронавирус ахәышәтәратә препарат иазкны

Қырҭтәыла агәабзиарахьчара аминистр Екатерина Тикараӡеи актәи лхаҭыҧуаҩ Ҭамар Габуниеи  Тель-Авив иҟоу Амедицинатә центр Сураски ашьаҭаркҩи COVID-19  аҭҵаара ахырхарҭа анапхгаҩы Надиро Арбери ирҧылеит.

Агәабзиарахьчара аминистрра адырра ала, аганқәа рхаҭарнакцәа 2021 шықәсазы агәабзиарахьчара аусхкы аҿы аусеицуреи,  COVID-19 зыхәшәтәуа апрепарат иазку апланқәеи ирылацәажәеит.

Израильтәи аспециалистцәа ишырҳәаз ала, акоронавирус аҽыхьчаратә препарат зҭагылазаашьа цәгьоу апациентцәа мацара ирызкуп.