Екатерина Тикараӡе  - Акьыба ачымазара змоу апациентцәа аҽыхәшәтәразы иаҳа алшарақәа роуеит
Екатерина Тикараӡе  - Акьыба ачымазара змоу апациентцәа аҽыхәшәтәразы иаҳа алшарақәа роуеит

Екатерины Тикараӡе лҳәамҭала,  акьыба ачымазара змоу апациентцәа рыхәтәразы алшарақәа реизырҳаразы крызҵазкәа ашьаҿа ҟаҵоуп. Агәабзиарахьчара аминистр Екатерина Тикараӡе ари аҳәамҭа ҟалҵеит аминистрра аусура иазку аихшьаалатә аҳасабырба аӡыргараҿы.

Тикараӡе лажәақәа рыла, апрограмма иалагалоуп иҵегьы имаҷымкәа апрепаратқәа.

«Акьыба ачымазара ахәшәтәразы алимитқәа ирыцаҳҵеит  8000 лари. Убри адагьы, апрограмма иалагалоуп акьыба аҽыхьчаратә препаратқәа, урҭ рыхә цәгьоуп, убри аҟынтә, ауааҧсыра реиҳара арҭ апрепаратқәа рзаахәомызт.  Шықәсыктәи алимит аҳәаақәа ирҭаӡаны, апациентцәа арҭ ахәшәқәа хәыҧсада ироуеит», — илҳәеит Тикараӡе.