Екатерина Тикараӡе  - Ҩышықәса рыҩнуҵҟала анхарҭа ҿыцқәа роуит  7 нызқь ихҵәоу аҭаацәарақәа,  2022-2024 шықәсқәа рзы даҽа  13 нызқь аҭаацәарақәа анхарҭақәа рыла еиқәҳаршәоит
Екатерина Тикараӡе  - Ҩышықәса рыҩнуҵҟала анхарҭа ҿыцқәа роуит  7 нызқь ихҵәоу аҭаацәарақәа,  2022-2024 шықәсқәа рзы даҽа  13 нызқь аҭаацәарақәа анхарҭақәа рыла еиқәҳаршәоит

Апандемиа шыҟазгьы,  2020-2021 шықәсқәа рзы ахҵәацәа анхарҭақәа рыла реиқәыршәара апроцесс еиҧҟьарада инагӡон,  — илҳәеит агәабзиарахьчара аминистр  Екатерина Тикараӡе  2021 шықәсазы аминистрра аусура иазку аҳасабырбаа аӡыргараан.

Аминистр лҳәамҭала, еиуеиҧшым апроектқәа рҳәаақәа ирҭагӡаны, атәыла зехьынџьара анхарҭа ҿыцқәа роуит  7 нызқь еиҳаны ихҵәоу аҭаацәарақәа.

Лара ишылҳәаз ала,  2024 шықәса анҵәамҭанӡа,  ахҵәацәа рнырхара апрограмма ахыркәшаранӡа, анхарҭақәа роуеит даҽа  13 нызқь аҭаацәарақәа.