ЕАР ассамблеиа хада импыҵахалоу Аԥсни Цхинвалтәи арегиони рҟынтә ихҵәоу ауааԥсыра рстатус иазку арезолиуциа аднакылеит, арезолиуциа 100 ҳәынҭқарра рхаҭарнакцәа иадгылеит
ЕАР ассамблеиа хада импыҵахалоу Аԥсни Цхинвалтәи арегиони рҟынтә ихҵәоу ауааԥсыра рстатус иазку арезолиуциа аднакылеит, арезолиуциа 100 ҳәынҭқарра рхаҭарнакцәа иадгылеит

Ниу-Иорк, Еар ассамблеиа хада 77 асессиа аҳәаақәа ирҭагӡаны, ирыдыркылеит 63 тәыла рыԥшьгарала иаԥҵаз импыҵахалоу Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәыла/Цхинвалтәи арегиони рҟынтә ихҵәоу ауааԥсыра рстатус иазкә арезолиуциа. Қырҭтәыла адәныҟатәи аусҳәарҭа аинформациа ала,  арезолиуциа 100 ҳәынҭқарра рхаҭарнакцәа иадгылеит.

Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аинформациа ала, Қырҭтәыла ЕАР ассамблеиа хада арезолиуциа аднагалоит 2008 шықәса инаркны.

«Арезолиуциа, Урыстәыла ала импыҵахалоу Қырҭтәыла арегионқәа рҿы мчылатәи адемограциатә ԥсахрақәа ирҿагылоит, аетникатә дыргақәа ирыхәамԥшыкәа, ахҵәацәа рыҩнқәа рахь рхынҳәреи урҭт рмазаратә зинқәа рыхьчареи иадгылоит.

Агуманитартә контекст ада, арезолиуциа апрактикаә мч амоуп, арезолиуциа инақәыршәаны ЕАР амаӡанықәгаҩ хада дҵас иоуеит Қырҭтәыла иқәынхо ахҵәацәа ирызку есышықәсатәи аҳасабырба аиқәыршәара азы. Урыстәыла ала импыҵахалоу Қырҭтәыла аҵакырадгьылқәа рҿы ауаҩытәыҩса изинқәа реилагара афон аҿы, ари аҵак ду амоуп.

Арезолиуциа Женеватәи аиҿцәажәарақәа рылахәылацәа рахь ааԥхьара ҟанаҵоит, Урыстәыла ала импыҵахалоу Қырҭтәыла аҵакырадгьылқәа рҿы ашәарҭадареи ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчареи рганахьала аҭагылазаашьа аиӷьтәразы ирылшо зегь ҟарҵарц, ари ахҵәацәеи мчыла ихгоу ауааԥсыреи рыҩнқәа рахь рырхырҳәра апроцесс ацхраауеит”, – иануп арезолиуциа аҿы.