Зураб Азарашвили Қәҭешь ахҵәацәа рзы анхарҭатә комплекс  аргыларатә усурақәа шымҩаҧысуа гәеиҭеит
Зураб Азарашвили Қәҭешь ахҵәацәа рзы анхарҭатә комплекс  аргыларатә усурақәа шымҩаҧысуа гәеиҭеит

Қырҭтәыла импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа рҟынтә ихҵәоу ауааҧсыреи, агабзиарахьчареи, асоциалтә аиқәыршәареи азҵаарақәа рзы аминистр   Зураб Азарашвили Қәҭешь ахҵәацәа рзы анхарҭатә комплекс аргыларатә усурақәа шымҩаҧысуа гәеиҭеит.

Аминистрра адыррала, Қәҭешь, Никеа амҩаҿы, 720 ихҵәоу аҭаацәарақәа рзы идыргылоит 12 еихагылақәа зауа 3 корпуск.  Аусурақәа хыркәшахоит  2025 шықәса анҵәамҭаз, ахҵәацәа ирҽеиу анхарҭақәа роуеит. Апроект абиуџьет  77 миллион лари еиҳауп.

Ахҵәацәа иахәҭоу анхарҭатә ҭагылазаашьақәа рзеиқәыршәара амзызла, аҧыза-министр иӡбарала,  2022 шықәсазы иалагеит зеиҧшҟамлац ала зымҽхак дуу анырхара апрограмма.

Зынӡа ари апрограмма иазоушьҭуп 900 миллионов лари. Аргыларатә усурақәа аамҭакала имҩаҧысуеит Қырҭтәыла 5 қалақьк рҿы  —  Қарҭи, Қәҭешьи, Русҭавии, Жәыргьыҭи, Борџьомии.