Қәҭешь аҩнеихагыла ду ҿыц аҿы 480 ихҵәоу аҭаацәарақәа анхарҭақәа роуит
Қәҭешь аҩнеихагыла ду ҿыц аҿы 480 ихҵәоу аҭаацәарақәа анхарҭақәа роуит

Ахҵәацәеи аекомигрантцәеи рагентра адгылара ала, Қәҭешь аҩнеихагыла ду ҿыц аҿы 480 ихҵәоу аҭаацәарақәа анхарҭақәа роуит.

Агәабзиарахьчара аминистрра апрессмаҵӡура аифнормациа ала, Қәҭешь анхарҭақәа зауз ахҵәацәа рсиа агентра авебдаҟьа ианылеит.

„Аԥыза-министр иԥшьгарала иалагаз апроект аҳәақәа ирҭагӡаны, ихҵәоу аҭаацәарақәа  Қарҭи,  Жәыргьыҭи,  Қәҭешьи, Русҭавии Борџьомии анхарҭақәа рыҭара апроцесс иалагеит. 2025 шықәса анҵәамҭанӡа апланқәа иылоуп 13 000 ҭаацәарақәа анхарҭақәа рыла реиқәыршәара. 7 нызқь аҭаацәарақәа аҩнқәа роуеит, апроект  «Ақыҭан аҩны» аҳәаақәа ирҭагӡаны, атәыла зехьынџьара  6 000 ихҵәоу аҭаацәарақәа аҩнқәа рхаархәоит“, – иануп Агәабзиарахьчара аминистрра апрессмаҵӡура аифнормациа аҿы.