ЕАШ Украина арратә цхыраара аҳасабла 275 миллион доллар азалырхуеит
ЕАШ Украина арратә цхыраара аҳасабла 275 миллион доллар азалырхуеит

ЕАШ Украина арратә цхыраара аҳасабла 275 миллион доллар азалырхуеит.

ЕАШ Аҳәынҭдепартамент аинформациала, ари ацхыраара хықәкыс амоуп Харков аганахьала Урыстәыла имҩаԥнаго ажәыларақәа рыҿагылара.

Ацхырара ҿыц апакетла иазыԥхьагәаҭоуп HIMARS ахыршәқәеи, 155-и 105-и мм аизаа змоу артиллериатә, атанкҭархагатә системақәа Javelin-и AT4-и, атанкҭархагатә хыршәқәеи, аракетақәеи уҳәа уб. егь. рыҭара.