ЕАШ  Украина 200 млн адоллар азалырхуеит
ЕАШ Украина 200 млн адоллар азалырхуеит

ЕАШ Украина 200 млн адоллар азалырхуеит, – иануп Аҩны шкәакәа аҳәамҭа аҿы.

Адокумент аҿы ишану ала, ахада Баиден, ЕАШ аконституциеи азакәанԥцареи рыла иазыԥхьагәаҭоу инапынҵақәа рҳәаақәа ирҭагӡаны, аҳәынҭмаӡаныҟәгаҩ анапынҵақәа ииҭоит Украина арратә зыҟаҵарақәеи арратә ҽазыҟаҵареи рзы 200 миллион америкатә доллар азалхра азы.

Ахада Баиден адокумент инапы аҵаиҩхьеит.