ЕАШ Украина арратә цхыраара аҳасабла хмиллиардк иаҟароу ацхыраара азалнахит
ЕАШ Украина арратә цхыраара аҳасабла хмиллиардк иаҟароу ацхыраара азалнахит

ЕАШ Украина арратә цхыраара аҳасабла хмиллиардк иаҟароу ацхыраара азалнахит. Апакет аҳәаақәа ирҭагӡаны, Украина “Бредли” атип змоу 50 цыра аибашьыга машьынақәа аиуеит.

“Роитер” аинформациа ала, ари аԥарантә 225 миллион доллар Украинатәи ар амодернизациеи арратә алхарақәа рырҿиареи рзы иалхуп.

Агентра адыррақәа рыла, ари ЕАШ алнахахьаз зегь реиҳа зымҽхак ҭбаау ацхырааратә пакетуп. Баиден иадминистрациа аҟынтә Украина 25 миллиадр доллар иаҟароу ацхырара аиуит.