ЕАШ ацентртә аԥшыхәратә агентра адиректор Украина ахада диԥылеит
ЕАШ ацентртә аԥшыхәратә агентра адиректор Украина ахада диԥылеит

ЕАШ ацентртә аԥшыхәратә агентра адиректор Уилиам Брнс Киев даҭааин, Украина ахада Владимир Зеленски диԥылеит. Ари атәы аанацҳаит “Вашингтон пост”.

Акьыԥхь аинформациа ала, Бернс Владимир Зеленски аибашьра иадҳәаланы Урыстәыла апланқәа ирызку адыррақәа ииҭеит.

“Вашингтон пост” ахыҵхырҭа аинформациа ала, Бернс иазгәеиҭеит Украина ацхыраара аҭара иуадаҩхар ҟалап ҳәа.

Бернс Украина иҳыҩсыз ашықәс жьҭааразы дыҟан.