ЕАШ аҳәынҭдепертемант - ЕАШ-и Натои адипломатиатә ҽазышәара анагӡареи Урыстәылаҟны аиԥылара даҽазнык амҩаԥгареи рзы ихиоуп
ЕАШ аҳәынҭдепертемант - ЕАШ-и Натои адипломатиатә ҽазышәара анагӡареи Урыстәылаҟны аиԥылара даҽазнык амҩаԥгареи рзы ихиоуп

ЕАШ-и Натои адипломатиатә ҽазышәара анагӡареи Урыстәылаҟны аиԥылара даҽазнык амҩаԥгареи рзы ихиоуп, – иануп Ентони Блинкени Нато амаӡаныҟәгаҩ хада Инс Столтенберги ҭелла реицәажәара ашьҭахь ЕАШ аҳәынҭқарратә департамент иаланарҵәаз аҳәамҭа аҿы.

“Аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ Ентони Блинкен Нато амаӡаныҟәгаҩ хада Менс Столтенберг ажьырныҳәа 12 рзы имҩа́ԥгаз Натои Урыстәылеи рхеилак иашьҭанеиуа ашьаҿақәа рыхцәажәеит, ЕАШ-и Натои адипломатиатә ҽазышәара анагӡареи Урыстәылаҟны аиԥылара даҽазнык амҩаԥгареи рзы ихиоуп. ЕАШ-и Нато адгылаҩцәеи адипломатиатә аҩаҿ иаку апозициа рымоуп, урҭ Урыстәыла ахь ааԥхьара ҟарҵоит Украина иаҿагыланы агрессиа адеескалациазы ашьаҿақәа ҟанаҵарц,” – иануп аҳәынҭқарратә департамент аланарҵәаз аҳәамҭа аҿы.