ЕАШ аҳәынҭқарратә департамент 2023 шықәсатәи абиуџьет апроект инақәыршәаны, Қырҭтәыла иазалырхроуп 88 миллион доллар
ЕАШ аҳәынҭқарратә департамент 2023 шықәсатәи абиуџьет апроект инақәыршәаны, Қырҭтәыла иазалырхроуп 88 миллион доллар

ЕАШ аҳәынҭқарратә департамент 2023 шықәсатәи абиуџьет апроект инақәыршәаны, Қырҭтәыла азалырхроуп 88 миллион доллар.

„ЕАШ ацхыраара Қырҭтәыла адемократиатә, аекономикатә аҿиара, евроатлантиктәи аинтеграциа адгылоит, Кремль анырра цәгьа аҿагылара аус аҿы арӷәӷәоит. Афинанстә цхыраара аинституциатә хылаԥшреи абаланс апринципи, азакәан аиҳаӡареи рырӷәӷәара, Қырҭтәыла атәылауаҩратә уаажәларра арӷәӷәара, зхы иақәиҭу адемократиатә аихқәа рырӷәӷәара, аполитикатә плиурализм, Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рҿы аинаалареи, аенергошәарҭадара арӷәӷәареи, аекономикатә аҿиареи  адиверсификациеи рзы ихадароу ареформақәа рымҩаԥгареи, аинвестициақәа раиуреи, уҳәа. уб. егь ирыдгылоит”, – иануп адокумент аҿы.

ЕАШ аҳәынҭқарратә департаменти Жәларбжьаратәи аҿиара агентреи 2023 шықәсатәи рбиуџьет апроект 60,4 миллиард доллар иаҟароуп, уи 2022 шықәсатәи абиуџьет апроект аҵкьыс 1.9 миллиард доллар ала еиҳауп.