ЕАШ Ҭырқәтәыла агәҽанҵара анаҭоит, Урыстәыла асанкциақәа рывсразы Ҭырқәтәыла ахархәара аҭахуп
ЕАШ Ҭырқәтәыла агәҽанҵара анаҭоит, Урыстәыла асанкциақәа рывсразы Ҭырқәтәыла ахархәара аҭахуп

ЕАШ Ҭырқәтәыла агәҽанҵара анаҭоит, Урыстәыла асанкциақәа рывсразы Ҭырқәтәыла ахархәара аҭахуп. Ари иазгәаҭоуп ЕАШ ахазинатә департамент аҳәамҭа аҿы.

“Нанҳәа 19 рзы Ахазинатә маӡаныҟәгаҩ ихаҭыԥуаҩ Уолли Адеиемо Ҭырқәтәыла Афинансқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Иунус Елиас диацәажәан, Урыстәыла Украина ақәылара ашьҭахь ишьақәдыргылаз асанкциақәа рынагӡара азҵаарақәа ирыхәаԥшит.

Амаӡаныҟәгаҩ хада ихаҭыԥуаҩ ишазгәеиҭаз, аурыс аиуристтәи афизикатәи хаҿқәа ЕАШи 30 ҳәынҭқаррақәеи ишьақәдыргылаз аԥкрақәа рывсразы Ҭырқәтәыла рхы иадырхәарц рҭахуп ҳәа,”- иануп аҳәамҭа аҿы.