ЕАР ассамблеиа хада импыҵахалоу Аԥсни Цхинвалтәи арегиони рҟынтә мчыла ихгоу ахаҿқәа рстатус иазку арезолиуциа аднакылеит, 95 тәылақәа рхаҭарнакцәа ари адокумент иадгылеит
ЕАР ассамблеиа хада импыҵахалоу Аԥсни Цхинвалтәи арегиони рҟынтә мчыла ихгоу ахаҿқәа рстатус иазку арезолиуциа аднакылеит, 95 тәылақәа рхаҭарнакцәа ари адокумент иадгылеит

Ниу-Иорк имҩаԥысуа ЕАР ассамблеиа хада 76-тәи асессиа аҳәаақәа ирҭагӡаны, ассамблеиа хада импыҵахалоу Аԥсни Цхинвалтәи арегиони рҟынтә мчыла ихгоу ахаҿқәа рстатус иазку арезолиуциа аднакылеит, 95 тәылақәа рхаҭарнакцәа ари адокумент иадгылеит. Арезолиуциа аԥшьгара иқәдыргылеит Қырҭтәылеи арегион атәылақәеи (61 тәылақәа).

Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аинформациа ала, Қырҭтәыла ЕАР ассамблеиа хада арезолиуциа аднагалоит 2008 шықәса инаркны.

«Арезолиуциа, Урыстәыла ала импыҵахалоу Қырҭтәыла арегионқәа рҿы мчылатәи алемограциатә ԥсахрақәа ирҿагылоит, аетникатә дыргақәа ирыхәамԥшыкәа, ахҵәацәа рыҩнқәа рахь рхынҳәреи урҭт рмазаратә зинқәа рыхьчареи иадгылоит.

Агуманитартә контекст ада, арезолиуциа апрактикаә мч амоуп, арезолиуциа инақәыршәаны ЕАР амаӡанықәгаҩ хада дҵас иоуеит Қырҭтәыла иқәынхо ахҵәацәа ирызку есышықәсатәи аҳасабырба аиқәыршәара азы. Урыстәыла ала импыҵахалоу Қырҭтәыла аҵакырадгьылқәа рҿы ауаҩытәыҩса изинқәа реилагара афон аҿы, ари аҵак ду амоуп.

Арезолиуциа Женеватәи аиҿцәажәарақәа рылахәылацәа рахь ааԥхьара ҟанаҵоит, Урыстәыла ала импыҵахалоу Қырҭтәыла аҵакырадгьылқәа рҿы ашәарҭадареи ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчареи рганахьала аҭагылазаашьа аиӷьтәразы ирылшо зегь ҟарҵарц, ари ахҵәацәеи мчыла ихгоу ауааԥсыреи рыҩнқәа рахь рырхырҳәра апроцесс ацхраауеит”, – иануп арезолиуциа аҿы.