ЕАР Ассамблеиа хада  - 141 ҳәынҭқаррақәа, Қырҭтәылагьы нрылаҵаны, Урыстәыла ала Украина ажәылара иақәыӡбо арезолиуциа иадгылеит
ЕАР Ассамблеиа хада  - 141 ҳәынҭқаррақәа, Қырҭтәылагьы нрылаҵаны, Урыстәыла ала Украина ажәылара иақәыӡбо арезолиуциа иадгылеит

ЕАР атәылақәа, еицҿакны, Урыстәыла ала Украина ажәылара иақәыӡбо арезолиуциа иадгылеит, иара убас, Урыстәылахь ааҧхьара ҟарҵеит зыҧшра ҟамҵакәа ахатә арбџьармчқәа Украина иалыргарц.

ЕАР Ассамблеиа хада асессиаҿы  193 ҳәынҭқарра рҟынтә арезолиуциа иадгылеит 141 ҳәынҭқарра, Қырҭтәылагьы нрылаҵаны. Арезолиуциа иақәшаҳаҭымхеит 5 ҳәынҭқаррак мацара: Урыстәылеи, Беларуси, Сириеи, Еритреиеи, Аҩадатәи Кореиеи. Рҽааныркылеит 35 ҳәынҭқарра, урҭ ирылоуп  Шәамахьтәылеи Китаии.