Давиҭ Бақраӡе – Урыстәыла ала импыҵахалоу атәыла ахаҭарнак иаҳасабала, еилыккаа исҳәар сҭахуп, ЕАР аҳасабтәқәа зегьы рыӡбара алшарц азыҳәан, иахьа иҳадаҳкыло аӡбарақәа аҵакы ду рымоуп  
Давиҭ Бақраӡе – Урыстәыла ала импыҵахалоу атәыла ахаҭарнак иаҳасабала, еилыккаа исҳәар сҭахуп, ЕАР аҳасабтәқәа зегьы рыӡбара алшарц азыҳәан, иахьа иҳадаҳкыло аӡбарақәа аҵакы ду рымоуп  

«Қырҭтәыла Урыстәыла ала Украинатәи арегионқәа закәандарала раннексиа аҽазкры иақәыӡбоит. Ҳара даҽазнык ишьақәҳарҕәҕәоит Украина ахьыҧшымреи жәларбжьаратәи азхаҵара змоу аҳәаақәа ирҭагӡаны аҵакырадгьылтә акзаареи ҳшадгыло», — иҳәеит ЕАР аҿы Қырҭтәыла ахаҭарнак давиҭ Бақраӡе ЕАР Ассамблеиа Хадаҿы данықәгылоз.

Иара иажәақәа рыла, уажәы аҳәынҭқаррақәа зегьы Украина иацхраароуп.

«2008 шықәсазы Урыстәыла ала импыҵахалоу атәыла ахаҭарнак иаҳасабала, еилыккаа исҳәар сҭахуп: аамҭеи, ажәақәеи, иахьа иҳадаҳкыло аӡбарақәеи аҵакы ду рымоуп. Уи игыло абиҧареи ЕАР аҧеиҧши азы аҵакы ду рымоуп, анеҩстәи амзақәеи ашықәсқәеи рзы ари аиҿкаара аҳасабтәқәеи апроблемақәеи рыӡбара алшарц азыҳәан аҵакы ду амоуп. Ҳара ҳазынтәгьы, ҳаидгыланы, лабҿаба ааҳарҧшыроуп ЕАР апҟанҵа апринципқәа ҳашрыдгыло», —  иҳәеит  Бақраӡе.