ЕАР аинформациа ала, Урыстәыла ажәылара ашьҭахь Украина иҭахеит 64-ҩык аҭынч тәылауаа, иқәҵит 160 000-ҩык иреиҳаны ауааԥсыра
ЕАР аинформациа ала, Урыстәыла ажәылара ашьҭахь Украина иҭахеит 64-ҩык аҭынч тәылауаа, иқәҵит 160 000-ҩык иреиҳаны ауааԥсыра

ЕАР аинформациа ала, Украина аҭыԥ змоу аибашьраан иҭахеит 64-ҩык аҭынч тәылауаа. ЕАР агуманитартә зҵаарақәа рофис Украина иҟоу аҭагылазаашьа иазку аҳасабырба цәырнагит.

Аҳасабырба инақәыршәаны, урыстәылатәи арбџьармчқәа аинтенсивтә жәыларақәа мҩаԥыргоит Украина ахадаратә қалақьқәа рхырхарҭала, урҭ иреиуоуп Киев, Харков, Херсон, Одесса.

ЕАР аинформациа ала, Урыстәыла ажәылара ашьҭахь Украина иҭахеит 64-ҩык аҭынч тәылауаа, 176-ҩык аҭынч тәылауаа аҳауатә жәыларақәеи ахымцеи ирыхҟьаны ахәрақәа роуит.

Аҳасабырба инақәыршәаны, аибашьра иахҟьаны иқәҵит 160 000-ҩык иреиҳаны ауааԥсыра.