ЕАР аинформациа ала, Украина аибашьра иалагеижьҭеи, Урыстәыла аиланхарҭақәа рҿы акассетатә бџьан 24-нтә рхы иадырхәит
ЕАР аинформациа ала, Украина аибашьра иалагеижьҭеи, Урыстәыла аиланхарҭақәа рҿы акассетатә бџьан 24-нтә рхы иадырхәит

ЕАР аинформациа ала, Украина аибашьра иалагеижьҭеи, Урыстәыла аиланхарҭақәа рҿы акассетатә бџьан 24-нтә рхы иадырхәит.

Ари атәы ааицаит ЕАР ауаҩытәыҩса изинқәа рзы иреиҳаӡоу акомиссар Мишель Бачелети.

Бачелети иажәақәа рыла, украинатәи ауаԥсыра игәаҟуеижьҭеи мызкы ҵуеит. Миллионла ауааԥсыра рыԥсҭазаара ԥсаххеит, рынхарҭақәа аанрыжьырц акухеит, рықалақьқәеи рқыҭақәеи абомбақәа рыларыжьуеит, убри аҟынтә урт аҽыҵәахырҭақәа рахь ииасит.

ЕАР ахҵәацәа рагентра аинформациа ала, ԥшьмиллион ҩык иреиҳаны ауааԥсыра иқәҵит, агәыла-тәылақәа рахь ииасит. 2.3 миллионҩык Польша иҟоуп, 608000-ҩык – Румыниа, зықьҩыла – Молдова, Венгриа, Словакиц, Урыстәыла. Иунисеф аинформациала, Украина иқәҵит ԥшь миллионҩык ахәыҷқәа