ЕАР адыррақәа рыла, Украинаҿ урыстәылатәи агрессиа иалаӡахьеит  3280-ҩык иреиҳаны аҭынч тәылауаа, урҭ иреиуоуп 231-ҩык ахәыҷқәа
ЕАР адыррақәа рыла, Украинаҿ урыстәылатәи агрессиа иалаӡахьеит 3280-ҩык иреиҳаны аҭынч тәылауаа, урҭ иреиуоуп 231-ҩык ахәыҷқәа

ЕАР адыррақәа рыла, Украинаҿ урыстәылатәи агрессиа иалаӡахьеит 3280-ҩык иреиҳаны аҭынч тәылауаа, урҭ иреиуоуп 231-ҩык ахәыҷқәа.

Аусбарҭа адыррақәа рыла, аибашьра алагара инаркны иахьанӡа, Украина иҭахеит 3280 -ҩык аҭынчуаа, урҭ рҟынтә 231-ҩык рықәра наӡамызт,   3451 -ҩык ахәрақәа роуит.

“Аԥсыҭбарақәа реиҳара аҭынч тәылауаан, урҭартиллериа хьанҭеи, аракетатә аахақәеи авиациатә жәыларақәеи ирыҟьаны иҭахеит,” – иануп аҳасабырба аҿы.

Аусбарҭа адыррақәа рыла, Донбастәии Лугансктәии иазхаҵам арепубликақәа рҿы  иҭахеит 105-ҩык, ахәрақәа роуит 417-ҩык.

ЕАР аекспертцәа ишаарыцҳаз, ақәԥара цәгьқәа ахьынагӡо аҟынтә, аԥсыҭбарақәа рхыԥхьаӡара иаҳа ирацәазар ҟалап.