Дональд Трамп – Иран алидерцәа рахь ааҧхьара ҟасҵоит: ахысреи ауаа рышьреи шәаламгар шәзеиҕьуп, избанзар, ҳаргьы ахысра ҳалагоит
Америка ахада Дональд Трамп иҳәамҭала, Иран анапхгара адемонстрациақәа реимырпра иаҟәымҵыр, Америка иашьашәалоу ашьаҿақәа ҟанаҵоит.
Иара иажәақәа рыла, уажәы Иран апроблема дуқәа ирҭагылоуп.
«Ишубарҭоу ала, ауаа қалақьқәак ргеит. Дара руааҧсыра цәгьала ирызныҟәон, уажәы, уи азы аҭакҟаҵара рықәшәеит. Иҟало аабап.
Сара еилыркааратәы исҳәеит – ҧаса ишыҟарҵоз еиҧш ауаа рышьра нарыгӡар, ари аус ҳҽалаагалоит. Иран алидерцәа рахь ааҧхьара ҟасҵоит: ахысреи ауаа рышьреи шәаламгар шәзеиҕьуп, избанзар, ҳаргьы ахысра ҳалагоит», – иҳәеит Трамп.