Дмитри Песков - Украина Американтә аицҭырҟьаратә хысратә ареактивтә системақәа аиуыр, Урыстәыла азы урҭ рхы иадырхәом ҳәа, Зеленски  иҳәамҭа Кремль иазхарҵом
Дмитри Песков - Украина Американтә аицҭырҟьаратә хысратә ареактивтә системақәа аиуыр, Урыстәыла азы урҭ рхы иадырхәом ҳәа, Зеленски иҳәамҭа Кремль иазхарҵом

Украина Американтә аицҭырҟьаратә хысратә ареактивтә системақәа аиуны, Урыстәыла аганахьала урҭ рхы иадырхәом ҳәа, Зеленски иҟаиҵаз аҳәамҭа Кремль аҟны иазхарҵом,  – иҳәеит Украина ахада ипресспикер Дмитри Песков.

Песков иажәақәа рыла, украинатәи аган рыгәра ҳгом.

“Украинатәи аган рыгәра ҳгом. Аҭагылазаашьа иаҳнарбоит ахада Зеленски иалхраԥхьатәи иҳәахьақәа рҟынтә ихадолу – Украина алада-мрагыларахьтәи ахәҭаҿы аибашьра аанкылара – шынагӡам. Минсктәи аиқәшаҳаҭрангьы нагӡам. Убри аҟынтә украинатәи аган рыгәра ҳгом”, – иҳәеит Песков.