Дмитри Песков – Урыстәыла  «арыцтә аилаӡара» азыхынҳәра иазыхиоуп, аха, уи азыҳәан, аилаӡараҿы Урыстәыла иадҳәалоу ахәҭа нагӡазароуп
Дмитри Песков – Урыстәыла  «арыцтә аилаӡара» азыхынҳәра иазыхиоуп, аха, уи азыҳәан, аилаӡараҿы Урыстәыла иадҳәалоу ахәҭа нагӡазароуп

«Урыстәыла, зыҧшра ҟамҵакәа, «арыцтә аилаӡара» азыхынҳәра иазыхиоуп, аха, уи азыҳәан, аилаӡараҿы Урыстәыла иадҳәалоу ахәҭа нагӡазароуп», —  иҳәеит Кремль апресс-маӡаныҟәгаҩ  Дмитри Песков.

Песков ишиҳәаз ала, урыстәылатәи аалыҵи аҵәҵәыреи рекспорт иадҳәалоу аилаӡара ахәҭа уажәгьы инагӡам.

«Урыстәыла, зыҧшра ҟамҵакәа, «арыцтә аилаӡара» азыхынҳәра иазыхиоуп. Аха, уи азыҳәан, аилаӡараҿы Урыстәыла иадҳәалоу ахәҭа нагӡазароуп. Ишыжәдыруа еиҧш,  ари ахәҭа уажәгьы инагӡам», — иҳәеит Песков.

Урыстәыла амшынеиқәатәи «арыцтә аилаӡара» ааннакылеит ҧхынгәы  17 рзы.

Ҵыҧх, Ҭырқәтәылеи ЕАРи рыбжьацәажәарала аганқәа ирыбжьарҵаз аилаӡарала иазҧхьагәаҭан Амшын еиқәа ала украинатәи арыц аекспорт.