Дмитри Песков иҳәамҭала, «ареферендумқәа» иҵоуроу алҵшәа рхылҵыр, Урыстәыла, Украина ала Донбасс архынҳәра аҽазкра иахәаҧшуеит ахатә дгьылқәа ржәылара ҳасабала
Дмитри Песков иҳәамҭала, «ареферендумқәа» иҵоуроу алҵшәа рхылҵыр, Урыстәыла, Украина ала Донбасс архынҳәра аҽазкра иахәаҧшуеит ахатә дгьылқәа ржәылара ҳасабала

«Ареферендумқәа» иҵоуроу алҵшәа рхылҵыр, Урыстәыла, Украина ала Донбасс архынҳәра аҽазкра иахәаҧшуеит ахатә дгьылқәа ржәылара ҳасабала. Ари атәы ааицҳаит Кремль апресс-маӡаныҟәгаҩ Дмитри Песков.

Урыстәыла ахада ипресс-маӡаныҟәгаҩ ишиҳәаз ала, зыӡбахәы ҳәоу аҵакырадгьылқәа Урыстәыла адҵара иазкны аӡбара анрыдыркылалакь, уаҟа амч амазаауеит Урыстәыла Аконституциа.

Урыстәыла изхылаҧшуа Донецктәии  Лугансктәии жәлартә республикақәеи Запорожтәии Херсонтәии атәылаҿацәқәеи рҿы иахьа  Урыстәыла адҵара иазку ареферендумқәа иалагеит. Абжьыҭира нагӡахоит цәыббра  27-нӡа.

Украинеи уи мраҭашәаратә партниорцәеи арҭ ареферендумқәа закәаным ҳәа ирыҧхьаӡоит.