Дмитри Песков -  Франциа ала Украина арратә техника аҭара афакт  аҭагылазашьа аҧсахуам, аха, убри амшала аукраин жәлар ргәаҟра иаҳа кыраамҭа инагӡахоит
Дмитри Песков -  Франциа ала Украина арратә техника аҭара афакт  аҭагылазашьа аҧсахуам, аха, убри амшала аукраин жәлар ргәаҟра иаҳа кыраамҭа инагӡахоит

«Франциа ала Украина арратә техника аҭара афакт аҭагылазашьа аҧсахуам, аха, убри амшала аукраин жәлар ргәаҟра иаҳа кыраамҭа инагӡахоит», — иҳәеит Урыстәыла ахада ипресс-спикер  Дмитри Песков.

«Франциа мацара алацәажәара ахәҭам ҳәа сгәы иаанагоит. Европагьы, НАТОгьы, Америкагьы Украина жәабала амиллиард адоллар рыхә абџьар арҭахьеит», — иҳәеит Песков.

Дмитри  Песков абас дахцәажәеит Франциа ахада уажәааны идикылаз аӡбара. Украина ахада  Зеленски ҭелла даниацәажәоз Макрон ишиҳәаз  ала, Украина Франциантә   акәылӡтехника   аиуеит.