Дмитри Кулеба Германтәылахь ааҧхьара ҟаиҵеит НАТО ашҟа Украина алалара аҧырхагахара иаҟәыҵырц
Дмитри Кулеба Германтәылахь ааҧхьара ҟаиҵеит НАТО ашҟа Украина алалара аҧырхагахара иаҟәыҵырц

Дмитри Кулеба Германтәылахь ааҧхьара ҟаиҵеит НАТО ашҟа Украина алалара аҧырхагахара иаҟәыҵырц

Украина адәныҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Кулеба Германтәылахь ааҧхьара ҟаиҵеит НАТО ашҟа Украина алалара аҧырхагахара иаҟәыҵырц. Ари аинформациа аланарҵәеит  «Европатәи аиашара».

Кулеба иҳәамҭала, НАТО алахәылацәа реиҳара Алианс ашҟа ирццакны Украина алалара иадгылоит.

Уаанӡа АИХқәа рҿы аларҵәара зауз аинформациа инақәыршәаны,  Вильниустәи асаммитаҿы Германтәыла ирццакны НАТО ашҟа Украина адкылара иақәшаҳаҭхом.