Дманистәи амуниципалитет аҿы ауаҩы ихәра афакт азы хаҿык  даанкылоуп
Дманистәи амуниципалитет аҿы ауаҩы ихәра афакт азы хаҿык  даанкылоуп

Қвемо Қарҭли аполициа аусзуҩцәа Дманистәи амуниципалитет аҿы ауаҩы ихәра афакт азы дааныркылеит 1993 шықәсазы ииз Д.Д..

«Аусеилыргара аан ишеилкаахаз ала, ахара зду  Д.Д. цәыббра 21 рзы, Дманистәи амуниципалитет Ганҭиади ақыҭан имҩаҧысуаз алхраҧхьатәи амитинг аан,   апартиа  «Иаку амилаҭтә ҵысра» адгылаҩцәа хәызбала ихәит. Ахәрақәа зауз ауааҧсыра ахәышәтәырҭашҟа инагоуп», —  иазгәаҭоуп аҳәамҭаҿы.

Зыӡбахәы ҳәоу ацәгьауразы иазҧхьагәаҭоуп 3 шықәса инаркны  фышықәсанӡа аҭакра.