Адгьылҵысра амшала Дманиси амуниципалитет аҿы ашкол ахыбреи  20 раҟара аҩнқәеи аҧхасҭа роуит
Адгьылҵысра амшала Дманиси амуниципалитет аҿы ашкол ахыбреи  20 раҟара аҩнқәеи аҧхасҭа роуит

Атәылаҿацәтә администрациа адыррақәа рыла, адгьылҵысра амшала Дманиси амуниципалитет аҿы  ашкол ахыбреи  20 раҟара анхарҭатә ҩнқәеи аҧхасҭа роуит.

Гантиади аҳәынҭқарратә школ аҵаҩцәа иахьа инаркны онлаин-аҵара арежим ашҟа ииасит. Ашкол ахыбра аекспертиза азыруеит, уи ашьҭахь ирыӡбоит ашкол еиҭашьақәдыргылоу, иқәырхоу.

Ашкол иқәырхыр, арҵаҩцәеи аҵаҩцәеи агәылара иҟоу ақыҭақәа ршколқәа рахь ииаргоит, рымҩангара еиқәнаршәоит аҭыҧантәи амуниципалитет.

Иахьа шьыжь инаркны Дманиси акомиссиа ҷыда азарал  аҧхьаӡара иаҿуп.  Аҭыҧаҿы дыҟоуп Қвемо Қарҭли агубернатор Гьаргь Дохтуришвили.