"Der Spiegel" – Европатәи аидгылаҩцәа 80 атанкқәа  Leopard 2 Украина аҭара азҵаара иахәаҧшуеит
"Der Spiegel" – Европатәи аидгылаҩцәа 80 атанкқәа  Leopard 2 Украина аҭара азҵаара иахәаҧшуеит

“Der Spiegel” – Европатәи аидгылаҩцәа 80 атанкқәа  Leopard 2 Украина аҭара азҵаара иахәаҧшуеит.

«Der Spiegel» адыррақәа рыла,  40-40 атанкқәа рыла ишьақәгыло 2 баталионк реиҿкаара ргәы иҭоуп.

«Испаниеи,  Португалиеи, Финлиандиеи,   Нидерланди Украина атанкқәа аҭара ргәы иҭоуп. Аҩбатәи абаталион аиқәыршәаразы Украинаҟа атанкқәа дәықәырҵоит Польшеи Норвегиеи.

Уаанӡа иформалымкәа аарыцҳаит «Рамштайн» аформатла имҩаҧысыз  аиҧылараҿы  12 ҳәынҭқаррақәа Украинаҟа атанкқәа рдәықәҵаразы ишеиқәшаҳаҭхаз,  аха,  убри азыҳәан Германтәыла ақәшаҳаҭхара рҭахын.

«Der Spiegel» ишаанацҳаз ала, ажьырныҳәа  25 хәылбыҽхан,  Америка ахада Џьо Баидени, Франциа ахада Еммануель Макрони, Германтәыла аканцлер Олаф Шольци,  Британиа Ду аҧыза-министр   Риши Сунаки,  анеҩстәи ашьаҿақәа рзыаиқәшаҳаҭхара амзызла,  ҭелла еиҿцәажәоит.