Давид Залкалиани - Ахьыԥшымразы ақәԥара аҿы аиешьаратә аукраинтә жәлар адгылара азааҳарԥшуеит
Давид Залкалиани - Ахьыԥшымразы ақәԥара аҿы аиешьаратә аукраинтә жәлар адгылара азааҳарԥшуеит

Ахьыԥшымразы ақәԥара аҿы аиешьаратә аукраинтә жәлар даҽазнык адгылара азааҳарԥшуеит. Ҳара еснагь ҳшәыдгылоит, избан акәзар ахьыԥшымреи уи азы ақәԥареи изакәу ибзиаӡаны иаадыруеит, – иҳәеит Қырҭтәыла вице-аԥыза, Адәныҟатәи аусқәа рминистр Давид Залкалиани Украина акзаара амшныҳәа инамаданы имҩаԥгаз ауснагӡатә аҿы данықәгылоз. Ауснагӡатә Қырҭтәыла иҟоу Украина ацҳаражәҳәараҿ мҩаԥган.

Давид Залкалиани иажәақәа рыла, аҵыхәтәантәи аамҭазы аҭыԥ змаз ахҭысқәа ибзиаӡаны аадырԥшит ҳаамҭазтәи адунеи ааԥхьара дуқәа рҿаԥхьа шгылоу.

Аминистр ишааицҳаз, 2008 шықәсазы Қырҭтәыла Урыстәылатәи агрессиа зеиԥшраз абеит, уи ахылҵит атерриториақәа 20% рымпыҵахалареи, урҭ изакәанымкәа рызхаҵареи.

“”Иахьа абри еиԥш агәҟра иҭагылоуп аиешьаратә аукраинтә жәлар. Урыстәыла аҳәынҭқарратә дума Донецки Лугански рызхаҵара иазкны аднакылаз аӡбара ҳаӡагылоит,” – иҳәеит Қырҭтәыла актәи адипломат.

Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр иҟаиҵаз аҳәамҭала, ари зегьы Қырҭтәылеи Украинеи мацара акәым, Европа архитектуразгьы ашәарҭа аанарԥшуеит.