Давиҭ Залкалиани Дмитро Кулеба диҧылеит
Давиҭ Залкалиани Дмитро Кулеба диҧылеит

Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Давиҭ Залкалиани, Миунхентәи Ашәарҭадара аконференциа аҳәаақәа ирҭагӡаны, Украина адәныҟатәи аусқәа рминистр Дмитро Кулеба диҧылеит.

Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра адыррала, Давиҭ Залкалиани Украина адгылара ҕәҕәа азааирҧшит. Ишазгәаҭаз ала, аҭагылазаашьа адеескалациазы аҵакы ду амоуп жәларбжьаратәи уаажәларра аконсолидациа.

Аганқәа рхаҭарнакцәа ҩ-ганктәии еиуеиҧшым жәларбжьаратәии аформатқәа рҿы аусеицура арҭбааразы еиқәшаҳаҭхеит.

Украина адәныҟатәи аусқәа рминистр Қырҭтәыла аиҳабыреи ақырҭуа жәлари  Украина адгыларазы ҭабуп ҳәа реиҳәеит.