Давиҭ Залкалиани – ЕАР арезолиуциа адгыларала, ҳара даҽазнык ҳпозициа ааҳарҧшит, уажәтәи аҭагылазаашьаҿы ҳара Украина ҳадгылоит, жәларбжьаратәи зин апринципқәа рықәныҟәара ҳақәшаҳаҭуп
Давиҭ Залкалиани – ЕАР арезолиуциа адгыларала, ҳара даҽазнык ҳпозициа ааҳарҧшит, уажәтәи аҭагылазаашьаҿы ҳара Украина ҳадгылоит, жәларбжьаратәи зин апринципқәа рықәныҟәара ҳақәшаҳаҭуп

«Ҳара  Урыстәыла ала Украина ажәылара иақәыӡбо ЕАР арезолиуциа ҳадгылеит, аха, уи адагьы, арезолиуциа аспонсорцәа ҳреиуп», — иҳәеит Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Давиҭ Залкалиани.

Иара ишазгәеиҭаз ала, Қырҭтәыла арезолиуциа аспонсорцәа рсиа иалалеит Ашәарҭадаратә хеилак ашҟа ирыдыркыларц азыҳәан.

«Урыстәыла вето азин ахы ишанархәо аадыруан. Ҳмилаҭтә интересқәеи  Украина аҵакырадгьыл аҿы аурыс агрессиеи иазҧхьагәаҭаны, ҳара Украина ҳадгылоит, жәларбжьаратәи зин апринципқәа ҳрықәныҟәоит. Ари аганахьала аргама ҳпозициа ааҳарҧшит», — иҳәеит  Залкалиани.

ЕАР, алахәылацәа реиҳара рбыжьқәа рыла, Урыстәыла ала Украина ажәылара иақәыӡбо арезолиуциа шьақәнарҕәҕәеит, иара убас, Урыстәылахь ааҧхьара ҟарҵеит зыҧшра ҟамҵакәа рхатә бџьармчқәа Украина иалыргарц.