Давиҭ Залкалиани - Қырҭтәылеи Америкеи рыбжьара адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рышьақәыргылара инаркны 30 шықәса ҵит
Давиҭ Залкалиани - Қырҭтәылеи Америкеи рыбжьара адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рышьақәыргылара инаркны 30 шықәса ҵит

«30 шықәса  — Қырҭәтылеи Америкеи рыбжьара адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рзы зҵакы дуу рыцхәып, абарҭ ашықәсқәа ҳхьыҧышымрагьы иашықәсқәоуп», — иҳәеит Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Давиҭ Залкалиани.

Аминистр иажәақәа рыла, Америка хәы змам алагала ҟанаҵеит Қырҭтәыла  ахыхьчаралшареи атәыла аекономикатә ҭышәынтәалареи арҕәҕәаразы.

Аминистр ишазгәеиҭаз ала,  Қырҭтәылагьы, ахатә стратегиатә партниор хада ивагыланы, алагала ду ҟанаҵеит аглобалтә шәарҭадара аиқәыршәара аус аҿы.

Адәныҟатәи аусқәа рминистр ишиҳәаз ала, Америкаҟны зхы иақәиҭу ахәаахәҭра аҿиара азҵаара аҧыжәара змоу ахырхарҭақәа иреиуп.

«Хара имгакәа, аекономикеи ахәаахәҭреи аусхкы аҿы  ҳстратегиатә партниор хада иҟны аусеицура иаҳа иҳарҭбаауеит, уи аҵакы ду амоуп.  Қырҭтәылаҿ иаҳа ирацәаны америкатә бизнес иҟазар ҳҭахуп  — уи ҳтәыла ашәарҭадара арҕәҕәарагьы иацхраауеит. Ҳаҧхьаҟа ари ахырхарҭа хшыҩзышьҭра ду амазаауеит», — иҳәеит  Залкалиани.