Дмитро Кулеба – Америка, Урыстәыла иаҿагыло, еиаҳа иџьбароу асанкциақәа шьақәнаргылоит
Дмитро Кулеба – Америка, Урыстәыла иаҿагыло, еиаҳа иџьбароу асанкциақәа шьақәнаргылоит

Украина адәныҟатәи аусқәа рминистр Дмитро Кулеба иҳәамҭала, хара имгакәа, Америка, Урыстәыла иаҿагыланы, иаҳа иџьбароу асанкциақәа шьақәнаргылоит.

Дмитро Кулеба ари атәы иҩит  Twitter  аҿы.

«Агәаларшәареи аинаалареи амш азы, Аиааира амш аҽны, ҳареи Америка аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ Ентони Блинкени Украина аиааира арццакразы иҵегьы иҟаҵатәу ашьаҿақа рзы ҳаиқәшаҳаҭхеит. Хара имгакәа, Америка, Урыстәыла иаҿагыланы, иаҳа иџьбароу асанкциақәа шьақәнаргылоит. Ҳара украинатәи афатәаалыҵ експорт аужьҭреи аглобалтә афатәаалыҵтә шәарҭадара аиқәыршәареи  ҳалацәажәеит», — иҩит  Дмитро Кулеба.