Дмитро Кулеба Жәларбжьаратәи ашьауҕатә ӡбара амиссиахь ааҧхьара ҟаиҵеит ашаҳаҭгақәа реизгаразы Бучаҟа инеирц  
Дмитро Кулеба Жәларбжьаратәи ашьауҕатә ӡбара амиссиахь ааҧхьара ҟаиҵеит ашаҳаҭгақәа реизгаразы Бучаҟа инеирц  

Украина адәныҟатәи аусқәа рминистр Дмитро Кулеба Жәларбжьаратәи ашьауҕатә ӡбара амиссиеи  жәларбжьаратәи аиҿкаарақәеи рахь  ааҧхьара ҟаиҵеит аурыс арбџьармчқәа иҟарҵаз арратә ацәгьаурақәеи ауаатәыҩсара ирҿагылоу ацәгьаурақәеи рзы ашаҳаҭгақәа реизгаразы Бучаҟа инеирц.

Украина адәныҟатәи аусқәа рминистр ари аҳәамҭа ҟаиҵеит мшаҧы 3 рзы, британиатәи арадио  Times UK аефир аҿы.

Кулеба ишизгәеиҭаз ала, зыӡбахәы ҳәоу ашаҳаҭгақәа жәларбжьаратәи аӡбарҭақәа рҿы рхы иадырхәоит ацәгьаурақәа ҟазҵаз ауааҧсыра аҭакҧхықәра рыдҵаразы.

Украина адәныҟатәи аусқәа рминистр урыстәылатәи арбџьармчқәа иҟарҵо амассатә ацәгьаурақәа ирызкны еиҭеиҳәеит.

«Ауаҩшьрақәа, ауаа рыргәаҟра, аҕьычра, аҳәса амш рылагара уҳәа, ХХІ ашәышықәсазы абри аҩыза ак ҟалар ауеит ҳәа ухахьы иузаагомызт. Урыстәыла  ИГИЛ аасҭа еицәгьоуп» , – иҳәеит Кулеба.