CNN -  Уажәтәи аетап азы,  Америка анапхгара,  Украина  аракетатә комплексқәа арымҭар ҟалап  
CNN -  Уажәтәи аетап азы,  Америка анапхгара,  Украина  аракетатә комплексқәа арымҭар ҟалап  

Ателееилахәыра  CNN адыррала, уажәтәи аетап азы,  Америка анапхгара,  Украина   аракетатә комплексқәа  арымҭар ҟалап.

Аҩны шкәакәа администрациаҿы ишаарыцҳаз ала,  уажәтәи аетап азы Украиназы иазҧхьагәаҭоу арратә цхыраара апакет аҧсахрақәа алагалара ргәы иҭам.

Ателееилахәыра ишаанацҳаз ала,   аҵыхәтәантәи амшқәа рзы украинатәи арбџьармчқәа аибашьраҿы ирымоу апрогресс ала лабҿаба иубарҭоуп Мраҭашәарантә Киев иаиуа абџьари аҧшыхәратә информациеи шрызхо.

CNN адыррала, Баиден иадминистрациа ахаҭарнакцәа ргәаанагарала,  украинатәи арбџьармчқәа,  уажәы Мраҭашәарантә ироуа абџьарлагьы идырхынҳәыз аҵакырадгьылқәа рыхьчара рылшоит. Убри аҟынтә,  Вашингтон,  украинатәи аган рыҳәарақәак нарыгӡом.

CNN аинформациа инақәыршәаны, раҧхьа иргыланы,  ATACAMS ауп излацәажәо  — ари аракетатә комплекс  300 километр арадиус аҿы аобиектқәа рықәхра алшоит. Уажәтәи аетап азы Баиден иадминистрациа  абарҭ асистемақәа Украина аҭара ргәы иҭам,  избанзар,  Аҩны шкәакәаҿ ишырҳәаз ала,  уи  «аескалациа ашәарҭара» ахылҵыр ауеит, избанзар арҭ асистемақәа Урыстәыла аҵакырадгьыл аҿыҵәҟьа рхархәара ҟалоит.