CNN — Џьо Баиден Европаҟа иацҵаны арбџьармчқәа рдәықәҵара аофициалла дақәшаҳаҭхеит
CNN — Џьо Баиден Европаҟа иацҵаны арбџьармчқәа рдәықәҵара аофициалла дақәшаҳаҭхеит

«Џьо Баиден Европаҟа иацҵаны арбџьармчқәа рдәықәҵара аофициалла дақәшаҳаҭхеит», — ателеканал CNN ари атәы аанацҳаит Америка ахаҭарнак идырра шьаҭас иҟаҵаны.

АИХ адыррақәа рыла, Польшаҟа инаргоит  2000ҩык арратә маҵзуҩцәа. Европа арбџьармчқәа дыргылоит  НАТО алада-мрагыларатә афланг аҿы, Украина иаҧну Румынтәылаҿгьы. Америкатә ачинҳаракҩы иҳәамҭала, иааиуа амшқәа рзы Европаҟа иҵегьы арбџьармчқәа дәықәырҵоит.

АИХ адыррақәа рыла,  иаҭаххар Европаҟа адәықәларазы, Америка    ихианы    игылоуп 8500ҩык арратә маҵзуҩцәа.