CNN – Америка Украиназы   $2,5 миллиард адоллар ахә арратә цхыраара даҿа пакетк армазеиуеит  
CNN – Америка Украиназы   $2,5 миллиард адоллар ахә арратә цхыраара даҿа пакетк армазеиуеит  

CNN  адыррала, Америка Украиназы   $2,5 миллиард адоллар ахә арратә цхыраара даҿа пакетк армазеиуеит.

Агентра аинформациа ишану ала, зыӡбахәы ҳәоу апакет ҿыц иазкны аофициалтә аҳәамҭа ҟарҵоит ҳазну амчыбжь анҵәамҭазы.

Апакет ала иазҧхьагәаҭоуп ашьаҟауаа рзы  50 ақәҧаратә машьынақәа  Bradley-и аминацәыхьчаратә система  MRAP ала еибыҭоу акәылӡмашьынақәеи,  HIMARS акомплексқәеи.
Украина акыраамҭа изаҳәо аракетақәеи атанкқәеи ацхырааратә пакет ҿыц ала иазҧхьагәаҭам.