Британиа Дуи Аҩадатәи Ирландиеи иеиду аҳра аиҳабыреи  Қырҭтәыла аиҳабыреи аҳаиртә анеиааира иазку аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит
Британиа Дуи Аҩадатәи Ирландиеи иеиду аҳра аиҳабыреи  Қырҭтәыла аиҳабыреи аҳаиртә анеиааира иазку аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит

 

 

Қырҭтәыла аекономикеи иҭышәынтәалоу аҿиареи рзы аминистр ихаҭыҧуаҩ  Генади Арвелаӡеи Британиа Дуи Аҩадатәи Ирландиеи иеиду аҳра авиациеи, амшынтә аҕбаныҟәареи, ашәарҭадареи рзы аминистр абаронесса Вереи Лондон рнапы аҵарҩит  Британиа Дуи Аҩадатәи Ирландиеи иеиду аҳра аиҳабыреи  Қырҭтәыла аиҳабыреи рыбжьара аҳаиртә анеиааира иазку аиқәшаҳаҭра.  Адокумент рнапы аҵарҩит  Уордроптәи астратегиатә диалог аабатәи араунд аҳәаақәа ирҭагӡаны.

Аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны, авиаеилахәарақәа, дара рхала атарифқәеи ареисқәа рхыҧхьаӡареи ашьақәыргылара рылшоит.

Британиа Дуи Аҩадатәи Ирландиеи иеиду аҳра аиҳабыреи  Қырҭтәыла аиҳабыреи рыбжьара аҳаиртә анеиааира иазку ҩ-ганктәи аиқәшаҳаҭра адкылара ахымҧадара ҟалеит  Британиа Дуи Аҩадатәи Ирландиеи иеиду аҳра  Европатәи ахеилак ианалҵ ашьҭахь.

Ари аинформациа аланарҵәеит Қырҭтәыла аекономикеи аҭышәынтәалоу аҿиареи рзы аминистрра апресс-маҵзура.