Британиа Ду Украина иазоунашьҭуеит   1,3 миллиард афунт стерлинг арратә цхыраара
Британиа Ду Украина иазоунашьҭуеит   1,3 миллиард афунт стерлинг арратә цхыраара

Британиа Ду Украина иазоунашьҭуеит   1,3 миллиард афунт стерлинг арратә цхыраара. Британиа аҧыза-министр Борис Џьонсон ари атәы ааицҳаит Украина ахада Владимир Зеленски ҭелла даниацәажәа ашьҭахь.

Арратә цхыраара ҳасабала, Британиа Ду Украинаҟа идәықәнаҵоит хара ихысуа артиллериеи, аракетақәеи, апилотдатә аҧырратә аппаратқәеи.