Британиа Ду Украина анаҭоит  65 миллион адоллар иаҧсоу арратә пакет
Британиа Ду Украина анаҭоит  65 миллион адоллар иаҧсоу арратә пакет

Британиа Ду Украина анаҭоит  65 миллион адоллар иаҧсоу арратә пакет. Ари аинформациа аланарҵәеит агентра  „Роитер“.

Британиа Ду аиҳабыра ишаарыцҳаз ала, дара Украина иазоурыжьҭуа  65 миллион адоллар иаҧсоу апакет Украина арратә аибыҭара арҽеиреи арратә аиҭашьақәыргыларатә центр аҧҵареи иазкуп.

„НАТО алалара апроцессаҿ Украина апрогресс адгылара аформулеи, ҩ-ганктәии аганрацәалатәии аиқәшаҳаҭрақәеи, НАТО иалоу атәылақәа рыдгылареи ахада Путин изы ашьҭымҭа ҕәҕәахоит, уи Европаҿы аҭынчра аиҭашьақәыргылара иацхраауеит“, – иҳәеит Британиа Ду аҧыза-министр Риши Сунак.