Британиа Ду Атәылахьчара аминистр иааицҳаит Украина Урыстәыла аҵакырадгьыл  ажәылара иалагар, уи алегитимра амазаауеит ҳәа
Британиа Ду Атәылахьчара аминистр иааицҳаит Украина Урыстәыла аҵакырадгьыл ажәылара иалагар, уи алегитимра амазаауеит ҳәа

Британиа Ду Атәылахьчара аминистр  Џьеимс Ҳип ааицҳаит Украина Урыстәыла аҵакырадгьыл аганахьала ажәылара алагар, ари алегитимра амазаауеит ҳәа.

Ари атәы Ҳип “Арадио хақәиҭра” аинтервиу аҿы азгәеиҭеит.

„Украина ҭынч инхоз исуверену ҳәынҭқарран. Даҽа тәылак Украина аҳәаақәа аилагара аӡбара аднакылан, 130 000-ҩык аруаа Украина ацаҟырадгьыл ахь аланагалеит. Укаринеи Урыстәылеи рыбжьара  аибашьра алагеит, ари аибашьраҿ Украина алогистикатә цәаҳәақәеи, абылтәи, акоммуникциатә системақәеи рԥырхагаразы, аӷа-тәыла агәҭаны аахақәа аҭахуп, ари аибашьра ацуп”, – иҳәеит Џьеимс Ҳип.

Урыстәылатәи аган ишаанацҳаз, Белогородтәии Бриансктәии арегионқәа рҿы аҭыԥ змаз аԥжәарақәа Украина мҩаԥнагеит. Арҭ арегионқәа Украина аҳәаа иаԥнуп.