Борис Џьонсон - Урыстәыла ахаҭарнакцәа Украина ахимиатә бџьар рхы иадырхәар ҟалап
Борис Џьонсон - Урыстәыла ахаҭарнакцәа Украина ахимиатә бџьар рхы иадырхәар ҟалап

 Урыстәыла ахаҭарнакцәа Украина ахимиатә бџьар рхы иадырхәар ҟалап, – иҳәеит Британиа ду аԥыза-министр Борис Џьонсон “Sky news” аинтервиуаҿы.

Џьонсон иажәақәа рыла,  Украина иҟоу аибашьра аҟәыҵра мҩазаҵәык Путин  “акатасторфатә агха”  шиҟаиҵаз еиликаауазар ауп.

“Ахимиатә абџьар иазкны иҳаҳауа, Урыстәыла ахәмарра аҵасқәа иреиуоуп. Урҭ аинформациа аладырҵәоит роппонентцәа ма ЕАШ ахимиатә абџьар аархәеит ҳәа,” – иҳәеит Џьонсон.