Болгариеи  Польшеи ртәылауаа рахь ааҧхьара ҟарҵеит зыҧшра ҟамҵакәа Урыстәыла иалҵырц
Болгариеи  Польшеи ртәылауаа рахь ааҧхьара ҟарҵеит зыҧшра ҟамҵакәа Урыстәыла иалҵырц

Болгариеи  Польшеи ртәылауаа рахь ааҧхьара ҟарҵеит зыҧшра ҟамҵакәа Урыстәыла иалҵырц. Ари атәы аарыцҳаит аҩ-тәылак рдәныҟатәи аусқәа рминистррақәа рҿы.

Болгариа Адәныҟатәи аусқәа рминистрра атәылауаа ирыбжьанагоит Урыстәылаҟа имцарц, уажәазы Урыстәыла иҟоу ртәылауаа рахь ааҧхьра ҟарҵоит иарабанызаалак атранспортла  зыҧшра ҟамҵакәа Урыстәыла иалҵырц.

Абри аҩызаҵәҟьа ааҧхьара ҟанаҵеит Польша Адәныҟатәи аусқәа рминистррагьы. Аҳәамҭа ишану ала,  «ашәарҭадара аганахьала аҭагылазаашьа еицәахар,  аҳәаақәа адыркыр,  аевакуациа уадаҩхар ауеит,  мамзаргьы ирзымҩаҧырымгар ҟалоит».

Польша ахатә тәылауаа рахь ааҧхьара ҟанаҵеит изакәызаалак атранспортла зыҧшра ҟамҵакәа Урыстәыла иалҵырц.