Бырзентәыла аԥыза-министр ихан аҵакыраҿ абырла ҟалеит
Бырзентәыла аԥыза-министр ихан аҵакыраҿ абырла ҟалеит

Бырзентәыла аԥыза-министр ихан аҵакыраҿ абырла ҟалеит, – аанацҳаит бырзентәылатәи аихқәа.

Абылра ҟалеит аԥыза-министр ихан иавагылоу ахыбра актәи аихагылаҿ.

Аихқәа ишаарыцҳаз, абылра ашьыжь шаанӡа ҟалеит, уи арцәара иаразнакҵәҟьа рылшеит. Абылраан аԥхасҭа аиуит ахыбра афасад мацара. Амца арцәара иаҿын 24-ҩык амцарцәаҩцәа.

Заанаҵтәи адыррақәа рыла, амца афымцалашаратә цәаҳәа амзызла ицәырҵит.