Reuters – Жәамш ҵуеит Бырзентәыла Европаҿ зегьы реиҳа зымҽхак дуу абылра арҵәара иаҿуижьҭеи
Reuters – Жәамш ҵуеит Бырзентәыла Европаҿ зегьы реиҳа зымҽхак дуу абылра арҵәара иаҿуижьҭеи

«Жәамш ҵуеит Бырзентәыла Европаҿ зегьы реиҳа зымҽхак дуу  абылра арҵәара иаҿуижьҭеи», — ари аинформациа аланарҵәеит агентра Reuters. АИХ адыррақәа рыла, абылра амшала иҭахеит  20ҩык иреиҵамкәа.

Аинформациа инақәыршәаны, ақалақь  Александруполис иазааигәаны иалагаз абылра Еврос арегионашҟа ииасит.

Аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла,  77 000 гектар еиҳаны иблит, уи аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы Европа аҵакырадгьылаҿ зегьы реиҳа зымҽхак дуу абылроуп.