Қырҭтәылеи Бырзентәылеи рыбжьара амилаҭтә ныҟәцаратә зиншәҟәы аҩ-ганк рыла азхаҵареи аиҭныҧсахлареи иазку  аиқәшаҳаҭра амч аиуит

Қырҭтәылеи Бырзентәылеи рыбжьара амилаҭтә ныҟәцаратә зиншәҟәы аҩ-ганк рыла азхаҵареи аиҭныҧсахлареи иазку аиқәшаҳаҭра амч аиуит рашәара 21 инаркны.

Ари атәы аарыцҳаит Қырҭтәыла Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аҟынтәи.

Аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны, аҩ-ганк ркомпетеннттә органқәа рҿы аныҟәҵара азиншәҟәы зауз ауаа, закәанла иахьынхо атәылаҿы, атеориатәи апрактикатәи ҧышәарақәа мҭиикәа, абри аҩызаҵәҟьа азиншәҟәы роур рылшоит.

Зыӡбахәы ҳәоу аҧҟара амч амазаауеит абарҭ акатегориақәа рзы: AM, A, A1, A2, B, B1, C, D, C1, D1, BE, CE, DE, C1E, D1E.

Қырҭтәылеи Бырзентәылеи рыбжьара амилаҭтә ныҟәцаратә зиншәҟәы аҩ-ганк рыла азхаҵареи аиҭныҧсахлареи иазку  аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит Афины,  2024 шықәса рашәара 26 рзы.

Қырҭтәыла абри аҩызаҵәҟьа аиқәшаҳаҭрақәа амоуп Испаниеи Ирландиеи рҟны.