Бырзентәыла амцаркра ахарадҵарала  79ҩык аанкылоуп
Бырзентәыла амцаркра ахарадҵарала  79ҩык аанкылоуп

Бырзентәыла абылра зыхҟьаз амцаркразы 79ҩык аанкылоуп.  Атәылауаҩратә ахьчаразы аминистр  Василис  Кикилиас ишиҳәаз ала, ацәгьауцәа Афины иазааигәаны,  Парнита ашьхаҿ  изныкымкәа абылра ахыҵхырҭа ҿыцқәа раҧҵара рҽыркхьеит. Абылра алагара афакт азы аусеилыргара иалагеит.

Уажәазы Бырзентәыла шәкыла абылра ахыҵхырҭақәа иҟоуп. Иҳаҩсыз амчыбжь азы атәылаҿ иҭахеит  20ҩык. Амца арцәаратә усурақәа ирылахәып шәҩыла абылрацәахьчаҩцәа.